Ахәдықәҵара

Ишдыру еиԥш, ахәхшәааратәи аиқәшаҳаҭратәи хыдҵақәа рынагӡараан еицырдыруа хархәаганы иҟоуп абанктә хәдықәҵара. Абанктә хәдықәҵара – ахыдҵақәа рынагӡара аиқәыршәара азнеишьақәа ируакуп, зыҟны абанк (даҽа кредиттә усбарҭак, ма икоммерциатәу даҽа еиҿкаарак) (ахәдықәҵаҩ) аԥара хызшәааша изыҳәарала (принципала) акредитор (абенефициар) аԥаратә хәыԥса ма уи ахшәааразы адҵаҟаҵара идгалараан ҩралатәи ахымԥадатәра.
Абанктә хәдықәҵарақәа ихадоу рыхкқәа рахь иаҵанакуеит:

  • ахәдықәҵара аиқәыршәара
  • аконтракт қәнагала анагӡаразы ахәдықәҵара
  • аванстә хәыхшәаара аргьежьразы ахәдықәҵара;
  • акредитқәа рыла аиқәыршәаразы ахәдықәҵара;
  • аҳазалхратә абанктә хәдықәҵара

Аусеиқәшаҳаҭразы ихадоу аҭагылазаашьақәа:
иадгалахо Ахәдықәҵара ахкы зеиԥшрахо иаҿырԥшны амчра аҿҳәара;
апроценттә ҿаҵага – еиқәышаҳаҭрала;
аменеџьмент азы зныктәи акомиссиа– абанк атарифқәа ирышьашәаланы;
ахәдықәҵарақәа изаамҭанытәым рыркра– иалыршахоит, аштрафқәеи ахәдықәҵарақәа изаамҭанытәым рыркразы акомиссиа ахыхра азухаӡом;
аҿаҵагатә еиқәыршәара – еиҭамҵуа амазара, автотранспорт, адепозитқәа, иҷыдоу атехникеи иаԥыхгатә даҽа мазареи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны.

Абанктә хәдықәҵара аиура шԥазалыршахо

1. Аконсультациа.

Абанк аспециалист ибаразы шәеицәажә. Аиԥылара иалагӡаны Абанк аспециалист аусшәҟәқәа жәбартә алшара шәиҭоит, Ахәдықәҵара аиуразы ихымԥадатәны иҟақәоу, урҭ рформеи иргәылоу адыррақәеи рызҵаарала аконсультациа мҩаԥигоит насгьы Шәара ишәоурц зылшо азҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵоит

2. Ахәдықәҵара аиуразы аусшәҟәқәа реизгареи арзаҳал аиқәыршәареи.

Ихымԥадатәу аусшәҟәқәа зегьы еидышәкыл. Абанк аспециалист дызлахәу аиԥылараҿы Ахәдықәҵара аиуразы арзаҳал (азыҳәара) хашәырҭәаа анаҩс ихымԥадатәу аусшәҟәқәа зегьы рыдыжәгал. Абанк аспециалист Ахәдықәҵара шәоуразы шәарзаҳал (шәазыҳәара) насгьы ихымԥадатәу аусшәҟәқәа зегьы идикылоит агәаҭаразы ишьақәыргылоу аиҿкаашьа инақәыршәаны.

3. Азыҳәара агәаҭареи абанк ала аӡбамҭа адкылареи ишьақәыргылоу аиҿкаашьа инақәыршәаны.

Абанк арзаҳал (азыҳәара) аназынашьҭыз амш инаркны Ахәдықәҵара аиуразы аҿҳәара ихымԥадатәу аусшәҟәқәа зегьы згәылоу азыҳәарала насгьы Абанк иаднакылаз аӡбамҭа аҿҳәара аусуратә мшқәа 5 иреиҳахаӡом. Аусеиқәшаҳаҭра ахәԥса заҟарахо иаҿырԥшны ҩынтә еиҳаны аизырҳара залыршахом. Арзаҳал (азыҳәара) агәаҭара аҿҳәара насгьы аӡбамҭа адкылара Шәара шәыла иадгалахаз аусшәҟәқәа рырҭәышьа шьаҭас иазышьҭахоит.

4. . Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩреи аиқәыршәара аиҿкаареи.

Абанк ишәзыбзиоу аӡбамҭа аднакылозар Шәара иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра шәнапы аҵажәҩыроуп насгьы ишьақәыргылоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны Ахәдықәҵаразы аиҿкаашьа еиқәшәыршәоит.

5. Ахәдықәҵарақәа роура..

Ахәдықәҵара иадгалахоит иашьашәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны, аимпорттә контрактқәа/аиқәшаҳаҭрақәа, насгьы егьырҭ аусшәҟәқәа, абанк ала Ахәдықәҵара аиуразы имаҭәарны иазыҟоу.

Ихарҭәаау аинформациа шәоурц шәылшоит абри аҭел ала +7(840)229-41-83.