Шәара шәкомпаниа аикәшаратә ныхтәқәа ханарҭәаароуп арендазы, аремонт азы, амодернизациеи ауалафахәи рзы аныхтәқәа ахҩаразы? Мамзаргьы абизнес аҳәаақәа рырҭбааразы, ахԥатәи акредитҟаҵаҩцәа руалқәа рыркразы аԥаратә хәыԥса шәҭахума?
ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» азинхаҿқәеи аиндивидуалтә наплакыҩцәеи акредит рыднагалоит акредит знык рыдгалара аформала, мамзаргьы акредиттә цәаҳәа рыдгаларала.
Аҭагылазаашьақәа
Ахәԥса |
1 000 000 мааҭ рҟынӡа |
Апроценттә ҿаҵага |
24% |
Аҿҳәара |
Шықәсык аҟынӡа |
Арзаҳал агәаҭара аҿҳәара |
мышкы инаркны 5 мыш рҟынӡа |
Ауалркра аамҭахҵәаха |
Аганқәа реиқәшаҳаҭрала иӡбахоит |
Аркра азнеишьақәа |
Ауал зныклатәи ихарҭәаау ахәԥса адгаларала аиқәшаҳаҭра ишьақәнарӷәӷәаз аҿҳәара иахмырԥакәа; |
Изаамҭанымкәа ахшәаара |
Иҟалоит |
Ахшәаара аихшанҵа |
Аганқәа реиқәшаҳаҭрала иӡбахоит |
Аҿҳәара ахырԥаразы аштраф |
0,1% зыҿҳәара хыԥоу мышкыцыԥхьаӡа |
Издаҳгалода |
Аиндивидуалтә наплакыҩцәа; |
Акредит аиқәыршәара |
Аҿаҵага; |
Апроцентқәа рыхәԥса ахшәаара мҩаԥгахоит — есымза арыцхә/арыцхәқәа, акредиттә еиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны, насгьы акредит ахшәаара аҵыхәтәантәи аҿҳәара инақәыршәаны. Абанк ишьақәнаргылаз аҿҳәарала ауалшәара аамҭа еиҭагазар ҟалоит. Аҿаҵаратә еиқәыршәара аструктура акредитҟаҵара аҿҳәареи ахәԥсеи шьаҭас ирзышьҭоуп (еиҭамҵуа амазара ҿаҵагас игазар акредит адгалара залыршахоит аҿаҵага аҳәыҭқарратә ҭаҩра анынагӡахалак нахыс). Акредиттә продукт адгалахоит Абанк аҿы аҿаҵаҩы иԥаратә ҵәахырҭахь.
Акредит агаразы хымԥада Абанк шәадҵаалароуп, Акредиттә ҟәша аспециалист иҟнытә аконсультациа шәоуразы. Аиԥылара иалагӡаны Абанк аспециалист ишәыдигалоит аусшәҟәқәа рсиа, урҭ акредит агаразы ихымԥадатәны иҟоуп, дара злеиҿартәуи рҵаки шәеилиркаауеит насгьы шәызҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵоит, иара убас акредит аиуразы арзаҳал аформа шәыдигалоит.
Иҵегьы еиҳау аинформациа шәоурц шәылшоит абри аҭел ала +7(840)229-41-83