Жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа аус рыцура
Абанк ишьақәаргыло жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара иазкуп абизнес аизҳара ахыҵхырҭа адиверсификациазы ахымԥадатәра, ахашәалатә шьаҭа арӷәӷәареи абанк аклиентцәа афинанстә цхыраара рыдгалара аҳәаанхыҵтәи афинанстә институтқәа ркредиттә цәаҳәақәа хархәара рзурала. Жәларбжьаратәи аџьармыкьахь ацәырҵра абанк жәларбжьаратәи аусеицура лахәылак аҳасаб ала ахьӡ-аԥша арӷәӷәоит, аклиентцәа рфинанстә интересқәа рыхьчараҿи аҳәаанхыҵ абанк абренд азнагараҿи ацхыраара адгаларагьы алнаршоит, иара убас абанк аҿаԥхьа арҿыцрақәеи атехнологиақәеи иҿыцқәоу рахь анеирҭа азаанартуеит. Абанк Жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи абанк арҿиареи рҟны акредиттә цәаҳәа адгалараҿы излагаз аусура ацнаҵоит.
Абанк ихадоу ахықәкқәа рахь иаҵанакуеит изаамҭанытәу абизнес маҷи хазхаҭалатәи абизнеси ррефинансҟаҵаразы ахашәалақәа радгалара. Абанк аперспективаҿы иҟоуп Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи иааигәоу аҳәаанхыҵтәи атәылақәеи Рбанкқәа апартниортә еимадарақәа реицаԥҵара акредиттә цәаҳәақәа радыԥхьалара апланла акорреспонденттә ҵәахырҭақәа рмикрофинансҟаҵареи реизырҳареи ахықәкқәа рзы.