Абанктә картақәа

Апластикатә картақәа ApraWorld – иласуп иагьыманшәалоуп!
Жәларбжьаратәи апластикатә карта “ApraWorld” адкылауа, аклиентцәа асервис ҳараки аманшәалареи рзеиҿкаауп.
Жәларбжьаратәи апластикатә карта “ApraWorld” ахархәарала ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» ала Шәара ишәоуеит:

  • аԥаратә хәыԥсақәа зыгәрагоу реиқәыршәареи рыҵәахреи;
  • аԥарадкылараан аԥарақәа рқьаадқәа рыԥхьаӡараҿы аамҭала анымхацәара;
  • хазхаҭалатәи аԥарақәа шәнапаҿы аныҟәгаразы ахымԥадатәра аҟамзаара;
  • аԥараԥхьаӡараан агхаҟамҵара.

Жәларбжьаратәи апластикатә карта”ApraWorld” ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» аҟнытә ахархәара ахкқәа:

  • аусуратә ныҟәарақәа рыхә ахшәаара
  • ахәаахәҭреи ацхыраара адгалареи рнаплакраҿы атауарқәеи ацхыраареи рзы ахә ахшәаара атерминалқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны;
  • абанк акассақәеи абанкоматқәеи рыла аԥарақәа роура (Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ);
  • ахеидкыла аԥаратә ҵәахырҭақәа рҟынтә акартахь аԥара аиагара.

   Иахьатәи аамҭазы ҳара ҳаклиентцәа ирыдаагалоит атарифтә планқәа ҩба: «Стандарт», «Корпоратив».

1. АТАРИФҚӘА ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» абанкә картақәа APRA WORLD «Стандарт» харахәара рзура аоперациақәа рыла (PDF)

2. АТАРИФЫҚӘА ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» абанкә картақәа APRA WORLD «Корпоратив» харахәара рзура аоперациақәа рыла (PDF)

Аиура аҭагылазаашьақәа
1. ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» апластикатә картақәа рыҟәша аспециалист ишҟа анеира;
2. Ихымԥадатәу аусшәҟәқәа идгалара:

  • АА арезидентцәа рзы – азеиԥштәылауаҩратә тәылауаҩшәҟәы
  • АА ирезидентцәам рзы – атәылауаҩшәҟәи насгьы уи иашьҭанеиуа усшәҟәыки:
  • аамҭалатәи аҭаҩразы аршаҳаҭга;
  • Аусуразы азин;
  • Анхаразы аршаҳаҭга

3. Абанктә карта аҭыжьразы арзаҳал ааныжьра
4.Абанк акассаҿы 350 мааҭ ахшәаара (Акарта аҭыжьразы)
Иҵегьы ихарҭәаау аинформациа шәоурц шәылшоит абри аҭел ала +7(840)229-41-76