Акредитқәа

Ахархәаратә кредит

Аҿаҵага

24%

Аҿҳәара

Шықәсык аҟынӡа

Акредит ахәԥса

50 000 инаркны 1 000 000 мааҭ рҟынӡа

Ахархәаратә кредит ауаатәыҩсатә хаҿқәа ахархәаратә зыҳәарақәа ирзырхоу рыкредитҟаҵарала ишьақәгылоуп реиқәшәара зеиԥшроу хымԥада азгәаҭарала. Еиқәыршәагак аҳасаб ала амазара аҿаҵара, аҭакԥхықәрагара мамзаргьы абанктә хәдықәҵара алыршахоит.


Ауалафахәытә кредит

Аҿаҵага

24%

Аҿҳәара

Шықәсык аҟынӡа

Акредит ахәԥса

5 мызтәи ауалафахәы иаҟароу

Ауалафахәытә кредит ауаатәыҩсатә хаҿқәа акредитрзыҟаҵарала ишьақәыргылоуп, еиқәыршәагак аҳасаб ала иқәгылоит Азыҳәаҩ иуалафахәы, ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» иҭнажьыз апластикатә карта ашҟа ииагахо, иара убас ҩыџьа аҭакԥхықәра зхахьы изгақәоу апластикатә картақәа ахархәаҩцәа, иара убас ҩыџьа аҭакԥхықәра зхахьы изгақәо апластикатә картақәа ахархәаҩцәа, ҳара Ҳбанк аҿы иҭыжьқәаз. Акредит аркра залыршахоит абанктә карта аҟынтә ауалафахәытә ԥара аҭалара инақәыршәаны есымзатәи аԥаратә хәыԥса ахыхрала.


Акредитқәа КИБИТ-БАНК аҿы

Акредит агаразы Шәара хымԥада Абанк аофис шәадҵаалароуп Акредиттә ҟәша аспециалист иҟны аконсультациа аиуразы. Аиԥылара иалагӡаны Абанк аспециалист аусшәҟәқәа рсиа реилыргара залиршоит, Акредит аиуразы ихымԥадатәны иҟақәоу, урҭ рформеи иргәылоу адыррақәеи рызҵаарала аконсультациа мҩаԥигоит насгьы Шәара ишәоурц зылшо азҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵоит, убри анаҩсгьы акредит аиуразы арзаҳал ахарҭәаашьа аформа шәирбоит Ихарҭәаау аинформациа шәоурц шәылшоит абри аҭел ала +7(840)229-41-83, e-mail: credit@cibit-bank.com