Cibit-Bank > Афинанстә институтқәа рзы > Ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны иадгалақәаз ахашәалақәа рыргаматәреи, атерроризм афинансҟаҵареи рҿагыларазы аполитика

Ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны иадгалақәаз ахашәалақәа рыргаматәреи, атерроризм афинансҟаҵареи рҿагыларазы аполитика

Ахашәалақәа рыргаматәра (рзакәантәра) аҿагыларазы азнеишьақәа ирызку, ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны иадгалақәази атерроризм афинансҟаҵареи

Абри ала адырра шәаҳҭоит, ҵаҟа иарбоу шьаҭас иаганы:

  • Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк Аҭагылазаашьа мшаԥымза 24, 2006 ш. № 13-П «Ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны иадгалақәаз ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи акредиттә хеидкылақәа рҟны аҩныҵҟатәи ргәаҭара аиҿкааразы аҭагылазаашьа иазкны»;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк Адҵаԥҟақәа 12.05.2006ш. № 27-У «Ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны иадгалақәаз ахашәалақәа рыргаматәреи, (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи акредиттә хеидкылақәа рҟны аҩныҵҟатәи ргәаҭара аиҿкааразы адгаларақәа ирызкны»

ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» аҟны ацәгьаҟаҵаратә усмҩаԥгара иабзоураны ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи рҿагыларазы Абанк аҟны дыҟоуп аусзуҩы, абарҭқәа ҷыдала ирызхьаԥшуа.

Афинанстә мониторинг аиҳабы– Ажьиба Гәыранда Рауль-иԥҳа; +7(840)229-41-83; Адҵаԥҟа №74, 14.10.2019ш. аҟнытә

Иара убас инагӡахоит абарҭ апрограммақәа здызкыло аусмҩаԥгатәқәа:

  • Абанк аклиентцәа русмҩаԥгараҿы, аԥаратә хәыԥсақәеи егьырҭ амазарақәеи ирыдҳәалоу егьырҭ аоперациақәеи, ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи ихымԥадатәу агәаҭара иахыжьхо аоперациақәа рыпрограмма.
  • Абанк аклиентцәа русмҩаԥгараҿы, аԥаратә хәыԥсақәеи егьырҭ амазарақәеи ирыдҳәалоу егьырҭ аоперациақәеи, ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи ихымԥадатәу агәаҭара иахыжьхо аоперациақәа рыпрограмма.
  • Аклиент изку аинформациа ма аклиент изку аоперациазы ицәырҵыз агәыҩбарақәа раԥырҟәҟәаразы ма урҭ рышьақәырӷәӷәаразы аԥаратә хәыԥсақәеи егьырҭ амазарақәеи ирыдҳәалоу егьырҭ аоперациақәеи, ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи аклиент иҟаиҵарц зылшоз агәаҭара апрограмма;
  • Аԥаратә хәыԥсақәеи егьырҭ амазарақәеи ирыдҳәалоу аоперациақәа раангылара аиҿкаашьа зеиԥшрахо гәазҭо апрограмма.
  • Аинформациа аусшәҟәытә ҭаҩра апрограмма.
  • Аинформациеи аусшәҟәқәеи рыҵәахра апрограмма, аҩныҵҟатәи агәаҭара апрограмма анагӡара иалҵшәаны иадгалақәаз ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи рҿагылара хықәкыс измаз.
  • Абанк аусзуҩцәа ахашәалақәа рыргаматәреи (рзакәантәреи) атерроризм афинансҟаҵареи рҿагылара азҵаарала аҵара дырҵаразы апрограмма.

Хымԥада агәаҭара иахыжьтәу аоперациақәа ргәаҭаразы Абанк аҟны имҩаԥгоуп аусура, лассы иуԥымло аусеиқәшаҳаҭрақәа, Абанк аклиентцәа русура иазку ихарҭәаау аинформациа аизгара ашәарҭадара акатегориа аилкаара хықәкыс иганы, иара убас афеидарадкылаҩцәа рыԥшаареи рышьақәырӷәӷәареи ирызку аусура. ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» ирезидентәым-абанкқәа рҟны акорреспонденттә еимадарақәа шьақәнаргылаӡом, дара ахьҭаҩу атәылақәа рҿы есымшааира амчра змоу анапхгара аусбарҭақәа змақәам иара убас ирезидентәым абанкқәа рҟны аимадарақәа раԥҵара аԥыхразы азнеишьақәа аԥшаауеит, дара ахьҭаҩу атәылақәа рҿы есымшааира амчра змоу анапхгара аусбарҭақәа змақәам ҳәа аинформациа ыҟазар.