Cibit-Bank > Акорпоративтә клиентцәа рзы > Абанктә маҵзура > Аҵәахырҭақәа раартреи рымаҵ ауреи

Аҵәахырҭақәа раартреи рымаҵ ауреи

Аԥхьаӡаратә операциақәа
ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» азинхаҿқәеи аиндивидуалтә наплакыҩцәеи ирыднагалоит Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи аҳәаанхыҵтәи авалиутақәеи рыла аԥхьаӡаратә операциақәа рымҩаԥгара, иара убас аԥхьаӡара-кассатә маҵзуратә хкқәа зегьы рынагӡара:

  • Азинхаҿқәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра арезидентцәа Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи аҳәаанхыҵтәи авалиутеи рыла аԥхьаӡарақәа раартреи аус рыдулареи
  • Хазхаҭалатәи аԥаратә хәыԥсақәа аинкассациа рзура
  • Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи аҳәаанхыҵтәи авалиутеи рыла ихазхаҭалатәым аԥхьаӡарақәа рынагӡара
  • аҳәаанхыҵтәи авалиута аконвертациа (аахәара/аҭира) азура
  • аԥхьаӡарақәа аоперациақәа рзура адистанциатә банктә маҵзура “Cibit-Bank Online” ахархәарала
  • аиндивидуалтә маҵзуреи аконсультациа аҭареи
  • акассатә цхыраара адгалара

Зҽызымԥсахуа афинанстә ҭагылазаашьеи, абанкқәа-акорреспондентқәа иҭбаау рылшареи, ҳаамҭазтәи аимадара ахархәагақәеи атехникатә еиқәыршәареи, иара убас ҳаспециалистцәа рыпрофессионалра ирыбзоураны, ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» иаднагало ацхыраара аласреи ахаҭабзиара ҳараки қәнагала ишәзеиҿнакаауеит.

Аԥхьаӡара аартреи аныҟәгареи
ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» аҭагылазаашьақәа зегьы хырҩа азнауит аԥхьаӡара аартра Шәара шәзы иманшәаланы, иуадаҩцәамкәа иҟаларазы. Шәара ишәылшоит шәкомпаниа аԥхьаӡаратә ҵәахырҭа аартра Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи аҳәаанхыҵтәи авалиутеи рыла, аԥхьаӡарақәа ақьаадтә технологиаҿы еиԥш, асистема «Абанк-Аклиент» ахархәара азуралагьы. Аклиентцәа рырманшәаларазы Абанк аспециалистцәа аԥхьаӡаратә ҵәахырҭа аартра иазхымԥадатәу аусшәҟәқәа шәызхадырҭәаауеит, иара убас аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьлаақәа шәыздырхиоит. Иҵегьы еиҳау аинформациа аиуразы шәадҵааларц шәылшоит абри аҭел ала +7(840) 229-41-13 (e-mail- aiba.d@cibit-bank.com).