Акредиттә цәаҳәа

Акредиттә цәаҳәа – абанки азыҳәаҩи рнапы зҵарыҩуа иофициалтәу еиқәшаҳаҭроуп. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, абанк аклиент иалкаау аамҭахҵәаха иҭагӡаны афинанстә кредит идгалара иахыдҵоуп, акредиттә лимит иазыԥҵәоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Абанк акредиттә цәаҳәа егьырҭ акредитҟаҵарақәа излареиԥшым ахшәаара аизҳара мацарала акәӡам. Аҿаҵаҩы, зыгәрагоу афинанстә еиқәыршәара змоу, иазгәаҭоу аамҭахҵәахазы иуалқәа ахишәаарц илшоит.

Абанк аҿы ас еиԥш иҟоу ацәаҳәа аартразы, индивидуалла аԥшаара мҩаԥыргоит. Ихымԥадатәны иҟоу: афинанстә еиқәыршәареи акредит зегьы аркаразы алшара аҟазаареи. Аҿаҵаҩы ифинанстә ҭагылазаашьа шаҟа еиӷьу аҟара, убриаҟара максималла иманшәалоу акредит аиуразы илшара еиҳахоит. Ара аус ауеит акредитҟаҵара егьырҭ ахкқәа рҿыгьы аус зуа апринцип: абанк ашәарҭара еиҳа еиҵоуп – апроценттә хәыхшәаара еиҵоуп улахь иааиуа аҭагылазаашьақәагьы аԥҵоуп.

ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» ахатәы клиентцәа ирыднагалар ҟалоит ирҿыцроуи ирҿыцрами акредиттә цәаҳәа.

Ирҿыцроу акредиттә цәаҳәа

Абизнес аҿы хархәара зауа акредитҟаҵара еиҳа лассы иуԥыло иреиуоуп. Аиҳарак актуалра аҵоуп иалкаау ашықәс аамҭа иадҳәало аусура хкы. Ирҿыцроу акредиттә цәаҳәа аԥҟара ҵакыс иамоуп акредит адгаларазы аиқәшаҳаҭра ауалхкы иалкаау афинанстә лимит азгәаҭарала. Аиқәшаҳаҭраҿы иарбоуп аклиенти абанк-кредитадгалаҩи реизыҟазаашьа, арҭ реиԥш иҟоу аусӡбатәқәа иақәыршаҳаҭхоит акредитҟаҵаранӡатәи заа акредитркреи раҳасаб ала.

Ирҿыцрам акредиттә цәаҳәа

Ирҿыцроу ацәаҳәа еиҳа имариоу авариант, зныктәи акредиттә цәаҳәа аартразы аиқәшаҳаҭра аныбжьаҵо. Аиура аҭагылазаашьақәа рыла, зныклатәи ауалгара алимитгьы налаҵаны, ирҿыцу излеиԥшым ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха урҭ зынӡагьы еиԥшӡам, излеиԥшымгьы ауал аркра акредит алимит аиҭашьақәыргылара залнаршаӡом. Даҽакала иаҳҳәозар, акомпаниа аԥарахәԥса хархәара азнаузар, траншла ма зныкла, ауал аркразы алшара амоуп, аха акредит даҽазнык арҿыҵразы алшара аиоуӡом.

Акредиттә продукт аиҿкааразы хымԥада Абанк шәадҵаалароуп, Акредиттә ҟәша аспециалист иҟны аконсультациа шәоурацы. Аиԥылараан Абанк аспециалист аусшәҟәқәа рсиа шәирбоит, урҭ Акредит аиуразы ихымԥадатәны иҟоуп, насгьы иргәылоуи рҵаки шәеилиркаауеит, шәызҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵоит, иара убас акредит аиуразы арзаҳал аформа шәыдигалоит.

Ихарҭәаау аинформациа шәоур шәылшоит абри аҭел ала +7(840) 229-41-83.