Атерминалқәа (POS)

 

КИБИТ-БАНК АԤРА иапартниору Банкуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Амилаҭтә ахәхшәааратә система иазку ахәхшәаара аелектронтә хархәагақәа рхарахәарала» захьӡу инақәыршәаны абанк акартақәа аекваиринг рзымҩаԥнагоит.

Аеквайринг –абанк акартақәа рыдкылара атауарқәеи, аусурақәеи, ацхыраара адгалареи рыхәхшәааразы аелектронтә хархәагак аҳасаб ала. Аекваиринг абанкқәа алшара рнаҭоит дара иҭрыжьыз абанктә картақәа аус рыдулара анаҩсгьы, егьырҭ абанкқәа иҭрыжьыз акартақәагьы аус рыдулара. Абанк ахәаахәҭра-сервистә наплакраҿы (анаҩс АСН) абанктә картақәа рыдкыларазы ишьақәнаргылоит  POS-терминал POS-терминал (от англ. Point Of Sale — аҭирҭа ҭыԥ) — ари иелектронтәу апрограмма-техникатә еиқәыршәамҭоуп ахәхшәааратә картақәа рыхәхшәаара адкыларазы, уи ачип змоу акартақәа аднакылар алшоит. POS-терминалқәа анцәырҵыз аҳәара уадаҩуп, аха ҳара ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ианықәнагала – лаҵарамза 2014 шықәсазы КИБИТ-БАНК Аԥсны раԥхьаӡа акәны асасааирҭа «АТРИУМ-ВИКТОРИА» POS-терминал шьақәнаргылт.

Уи аахыс ҳара атерминалтә ҳа акырӡа еиҳараҳтәыз анаҩсгьы, ахәаахәҭратә терминалқәа рыпрограмматә еиқәыршәара амодернизациа зыдҳәалоу аус ду мҩаԥаагеит, ахәаахәҭратә терминали апроцессинги реимадара арццакра, анаплакы акассеи ахәаахәҭратә терминали реимадара автоматизациа азуреи уҳәа убас аусхк ҿыцқәа рацәани рыҟаҵара алнаршеит. Ас еиԥш иҟоу арҿыцрақәа ирхыԥхьаӡалахеит еимадарада абанктә картақәа MasterCard рыла аԥарахшәаара амҩаԥгара, paypass атехнологиа здызкылақәо. Ҳәарада ари аус аҿгьы ҳара ҳаԥхьагылаҩын.

Абизнес знапы алаку рзы ари аиқәыршәамҭа абриаҟара маншәаларас иаҵоузеи? Амаркетингтә ҭҵаарақәа иаҳдырбеит абанктә картала ахәхшәаара амҩаԥгара анаплакы ихарҭәааны 43% ахашәала шаанаго. Ҳәарас иаҭахузеи, арҭ аҭҵаарақәа Аԥсны иахьаҵанакуа акәмызт иахьымҩаԥгаз, убри аҟнытә аҭыԥантәи анаплакы ахашәала иахьынӡеизҳауа аҳәара уадаҩуп. Аха иага ус иҟазаргьы, акартатә система атенденциа аҿиара насгьы Атәылаҿы ибзианы иҿианы иҟоу атуризми ахәаахәҭратә наплакыцыԥхьаӡа иахьаҵанакуа POS-терминал ашьақәыргыларазы ахымԥадатәра шыҟоу ҳанаҳәоит.

Ус анакәха, ҳазхьаԥшым ихәарҭаны иҟоу аганқәа:

  • POS-терминал шьақәыргылахоит Абанк абзоурала
  • есымзатәи абоненттә хәыхшәаара ыҟаӡам
  • аперсонал аҵара дырҵара мҩаԥысуеит ирласны насгьы хәыда-ԥсада
  • акассатә аӡбамҭақәа рыла аинтеграциа (1С, R-Keeper) ҳара ҳаспециалистцәа рыла
  • ацхыраара адгаларатә маҵзура ирласны иузхьаԥшуеи еснагь ацхыраара иазыхиоуи
  • аклиентцәа ҿыцқәа радыԥхьалара
  • акартаҿы иҟоу ахәԥса ахархәарала ачек азеиԥш хышәа-ҵышәа аизҳара
  • аинкассациазы аныхтәқәа реиҵатәра
  • аклиент ацхыраара идгалараҿы аамҭа амырӡра
  • аклиент ацхыраара идгалараҿы аамҭа амырӡра

POS-терминалқәа рықәыргылареи амаҵ дыруреи ирыдҳәаланы азҵаарақәа шәызцәырҵуазар, аспециалист аҭел шәизасырц шәылшоит: +7(840) 229-41-42
Атехникатә цхыраара шәыдгалатәызар, ма POS-терминалқәа рыла атехникатә дыррақәа шәыҭатәызар, аспециалсит шәизасырц шәылшоит: +7(840) 229-41-98

Иара убас POS-терминалқәа рышьақәыргыларазы арзаҳал ншәыжьырц шәҭахызар, ҳара ҳаспециалист иҽшәымеидоит.