Cibit-Bank > Абанк иазкны > Абанк ахеилакқәеи акомиссиақәеи

Абанк ахеилакқәеи акомиссиақәеи

Абанк еффективрала напхгара азуразы иаԥҵан акредиттә хеилаки агәаҭаратә комиссиеи. Арҭ аҵаҟәшақәа азыҳәаҩ акредит идгалара иазку аҵыхәтәантәи аӡбамҭа здызкылақәо иреиуоуп, иара убас Абанк изаамҭанытәу аусура хылаԥшра аҭареи амониторинг азуреи нарыгӡоит.

Акредиттә хеилак.

Акредиттә хеилак – есымшааира аус зуа ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» аколлегиатә усбарҭоуп, азыҳәаҩ акредит идгалара иазку аҵыхәтәантәи аӡбамҭа здызкылақәо иреиуоуп, насгьы акредит идгаларазы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо зыӡбо ауп. Акредиттә хеилак анапынҵахьы иаҵанакуеит абарҭ азҵаарақәа: Абанк иаднагало акредит ҿыцқәа ирылҵшәахарц зылшо ашәарҭара ахәшьара аҭара, Абанк акредиттә политика напхгара аҭара, иҟоу акредити акредиттә цәаҳәақәеи ирыдҳәалоу аҭагылазаашьақәа ирызкны аӡбамҭақәа рыдкылара, акредитҟаҵара абизнес-процесс аиӷьтәра, Абанк акредиттә портфель анализ азуреи ашәарҭара-аменеџьменти.

Агәаҭаратә комиссиа.

Агәаҭаратә комиссиа — азинхаҿы аҩныҵҟатәи ифинанстә гәаҭара аусбарҭоуп, ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» алахәылацәа Рзеиԥш еизара иалнахыз Абанк афинанс-нхамҩа агәаҭаразы. Агәаҭаратә комиссиа Абанк афинанс-нхамҩатә усура есышықәса агәаҭара иахнажьуеит. Агәаҭара алҵшәақәа рыла Абанк Ахеилак ашҟа алҵшәақәа ирызку адырра нанашьҭуеит насгьы иаарԥшхаз агхақәеи аԥҟареилагареи ирызкны адгаларақәа азынацҳауеит. Ашықәс иалагӡаны ариашарақәа рмониторинг мҩаԥнагоит. Абанк Ахеилак аӡбамҭала хазы игоу аҵаҟәшақәа ма Абанк аусура ахырхарҭала ргәаҭарақәа мҩаԥнагоит.