Cibit-Bank > Абанк иазкны > Азеиԥш информациа

Азеиԥш информациа

Ихарҭәаау ахьӡ Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара Акоммерциатә Банк «Аинновациатә технологиақәа ркоммерциатә инвестициатә банк»
Иркьаҿу ахьӡ ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК»
Ианеиҿкааз арыцхә ԥхынҷкәынмза 21, 2006 ш.
Бенефициарла изтәу Зарқәуа Ҭемур Ражьден-иԥа – 80.01%

 

Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара Акоммерциатә Банк «Аинновациатә технологиақәа ркоммерциатә инвестициатә банк» (ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК») — иреиӷьу Аԥснытәи акоммерциатә банкқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иаԥҵан 2006 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система аиҿкаара хықәкыс иганы, иахьатәи аамҭа иалагӡаны ари иуниверсалтәу, икоммерциатәу банкуп, абанктә цхыраара аҭаразы алшара ҭбаақәа рыдгалара алзыршо иара убас акорпоративтә клиентцәа аалыҵқәа рыдгалареи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи абизнес адиверсификациатә структура ӷәӷәа змақәоу насгьы зхаҭабзиара ҳараку акапитал напхгараҭара змақәоу акәны иҟоуп. ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» абанктә операциақәа еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи аҳәаанхыҵтәи авалиутеи рыла Алицензиа хада № 021 мшаԥымза 23, 2008 шықәса аҟнытә инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк иаднагалаз ала. Ҳара, Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиӷьу акредиттә хеидкылақәа реиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа акредиттә хеидкыла дуқәагьы аус рыцаауеит, ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» аҟны урҭ акорреспонденттә ҵәахырҭақәа аартны ирымоуп. 2012 шықәса анҵәамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Амилаҭтә хәыхшәааратә система «АԤРА» (Аԥсуа хәыхшәаара-ԥхьаӡаратә хеидкыла) ахархәаразы иалагалан. Ҳара ари ахәыхшәааратә хеидкыла иалалақәаз Аԥсны раԥхьаӡатәи абанкқәа ҳреиуан. Абанктә программатә комплексқәа Амилаҭтә банк Апроцессингтә Центр аимадара аиқәыршәаразы аус ду мҩаԥган АПРА акарта аҭыжьреи хархәара азуреи рзы убри инаваргылангьы мшаԥымза 2013 шықәсазы ҳара иҳабзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьаӡа акәны иадгалан абанктә карта. Атехнологиа ҿыцқәа ииашарыла рхархәара, аклиентцәа ацхыраара рыдгалара ахаҭабзиара есааира аиӷьтәра насгьы аекономикатә ҭагылазаашьа аҽыԥсахраан ихәжәацәамкәа напхгара аҭашьа Абанк иазааргеит иақәнагахаша ахьӡ-аԥша Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы реиҳа зыгәрагоу абанк аҳасаб ала.

ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» клиентцыԥхьаӡа иоптималтәу афинанстә ҭагылазаашьа рзеиқәнаршәоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп зыхә ҳаракӡоу абанк активқәа – аклиент иазыҟазаашьа шакәу. Ҳара аус аауеит ҳаклиентцәа разыҟазаашьа бзиақәа рзаԥҵарала, насгьы ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ицхырааратәу, иуаҩышәаратәу, иара убас ақәгәыӷра ззауа апринципқәа шьаҭас ирзышьҭоуп. Абанк ахықәкы хадақәа ируакуп ацхыраара адгалара иахьаҵанакуа абанктә усмҩаԥгараҿы аҭакԥхықәра.

АБАНК АҴАКЫРАЦӘАРА

Аклиентеиҿкааратәра: ламысцқьаралатәи ианаамҭоутәи аклиентцәа ацхыраара рыдгалара. Ҳара аус аауеит ҳаклиентцәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рзаԥҵарала, ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ицхырааратәу, иуаҩышәаратәу, иара убас ақәгәыӷра ззауа апринципқәа шьаҭас ирзышьҭоуп. Ҳара ҳаклиентцәа ргәазыҳәарақәа, урҭ рыгәҭакқәеи рхықәкқәеи – ҳара ҳбанк аусмҩаԥгара зегьы шьаҭас иазышьҭоуп, ҳара ҳаклиентцәа рыпланқәа рынагӡараҿы ацхыраара рыдаагалоит, уи азы иреиӷьу афинанстә ҭагылазаашьақәагьы рзаԥаҳҵоит.

Акомандатәра: аусурала аколлегацәа рыбжьара аилибакааратә ҟазшьа змоу аимадарақәа шьаҭас ирзышьҭоу, агәрагареи, аицхыраареи ауаҩышәареи, апрофессионалтә дыррақәа реиҭныԥсахлареи апрактикатә ԥышәеи раԥҵара.

Агәраргагара: Абанк еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азин апринципқәеи анормақәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи хьаҳә-хьачрада ирықәныҟәоит.

Аиӷьтәра: Абанк аамҭа иаанымҿаскәа иацнеиуеит насгьы аклиентцәа зҽызыԥсахуа ргәазыҳәарақәа инарықәыршәаны аҿиара иацнаҵоит.