Cibit-Bank > Абанк иазкны > Абанк аҿиара астратегиа

Абанк аҿиара астратегиа

Аҿиара астратегиа – ҳаамҭазтәи иуниверсалтәу, классла иаԥхьагылоу, аицлабра злоу Аԥсны абанк аҳасаб ала ашьақәгылара.
Астратегиатә хырхарҭақәа:

  • Активқәа рыла Аԥсны иреиҳаӡоу абанкқәа 3 рхыԥхьаӡара алалара;
  • Абанкқәа рыбжьара аеффективрара аганахь ала аԥыжәара аиқәыршәара;
  • Еиуеиԥшым ацхыраара адгаларала иаԥхьагылоу аҭыԥ аанкылара;
  • Активқәа рзырҳара аиқәыршәара.

  Абизнес-план 2024 шықәсазы:

Абанк ахықәкы — Аԥсны иҿио абанк ҳаамҭазтәи, аинновациатәи адинамикатәи позициақәа аиқәырхареи анаҩс арӷәӷәареи, атәыла зегьы иахьаҵанакуа афинанстә цхыраара аспектр зегьы адгалара алзыршо.

Ари ахықәкы анагӡаразы абанк хырҩа азнауеит абарҭ ауснагӡатәқәа:

  • ҳаамҭазтәи абанктә технологиақәа рыларҵәара;
  • абизнес процессқәа ирыбзоураны аеффективра арбагақәа реиҳаратәра, ацхыраара адгалара ахаҭабзиареи аццакреи рыҳаракра аалыҵтә ныхтәқәа рырмаҷра аамҭа еицалагӡаны;
  • аклиенттә база аизырҳара, ацхыраара адгалара ихарҭәаау аспектр шьаҭас измоу, клиентцыԥхьаӡа иҷыдара хырҩа азурала;
  • ашәарҭара аҭагылара асистема аиӷьтәра;
  • аусзуҩцәа рыпрофессионалтә потенциал арҿиара.

Ари аҩыза апотенциал ала, 2024 шықәса анҵәамҭазы активқәа рааизак 20% рыла аизырҳара гәҭаакыс ишьҭыхуп. Иара убри аамҭазы абанк ахыдҵақәа реизҳара 2024 шықәсазы 20% аҩаӡара аҟынӡа иазгәаҭоуп акапитал акәзар 18%. Авалиутатә хашәала 2024 шықәсазы 2023 шықәсазы иҟаз аасҭа 18% рыла еиҳаны анагара гәҭакыс иазышьҭоуп. Ахашәалақәа реизҳара залыршахоит абизнес ихадоу ахырхарҭақәа планла рыҿиарала: акорпоративтәи хазхаҭалатәи. Абанк акорпоративтә клиентцәа инықәырԥшшәа ихадоу асегментқәа 2 рыла еихыршоуп: абизнес дуи абизнес маҷи. Аклиентцәа ацхыраара рыдгалара арҿиара абизнес ду асегмент иатәу абанк аиндивидуалтә финанстә адгаларақәа рыла иаӡбарц аҽазнашәоит. Аамҭамаҷлатәи акредитгара, ахәаахәҭратә финансҟаҵара, авалиутатә операциақәа насгьы аликвидра напхгара аҭара апродуктқәа иахьрыҵанакуа абанк апродукттә цәаҳәа еизнарҳалоит. Иара убри аамҭазы хымԥада иазгәаҭатәуп ацхыраара адгаларазы аццакра шеизырҳатәу, аиҳарак акредитҟаҵара иахьаҵанакуа. Абанк ала иаԥҵахоит аклиенттә менеџьерқәа аклиентцәа рхаҭарнакцәа иреиуоу рымадара иоперативтәу амеханизмқәа раԥҵара. Абизнес маҷ асегмент абанк азы еиҳа аинтерес змоу акәны иҟоуп, избан акәзар ахашәала изықәнагоу аҩаӡара акуеит, иара убри аамҭазы аклиенттә база еффективрала адиверсификациа азура алнаршоит. Аекономикатә реформақәеи абизнес маҷ анаплакқәа аҳәынҭқарра аҟнытә ироуа адгылареи ирыбзоураны абанк апотенциалтә клиентцәа рхыԥхьаӡара есааира иазҳауеит.

Ари асегмент ала аклиентцәа ацхыраара рыдгалара аполитика 2024 шықәсазы харантәи иара убас ацифратә еимадарақәа рыла аклиентцәа ацхыраара рыдгалара, дара иртәу абизнес афинансқәа напхгара рыҭаразы ирзыманшәалоу аӡбамҭа рыдгалахоит. Ацифратә еимадарақәа рахь аиагара аклиенттә менеџьерқәа рус арманшәалоит, насгьы хаҭала ацхыраара адгалараҿы апакет ҿыцқәа рыдкыларазы алшарақәа рзаанартуеит, аалыҵтә ҷыдарақәа хырҩа азурала. Хазхаҭалатәи абизнес аҿиаразы 2024 шықәсазы абанк нагӡатәыс иамоуп:

  • иманшәаланы, ирласны, феидара аманы иҟанаҵароуп абарҭ реиԥш иҟоу иуадаҩым аопераицақәа, иаҳҳәозар лассы-лассы имҩаԥгахо ахәхшәаарақәа, хәԥса аиагара, атауарқәеии ацхыраара адгалареи рзы ахәхшәаара, аԥаратә хәыԥсақәа рнымхра, иара убас амикроуалқәа. Уи азы хырҩа рзухоит ауалафахәытә проектқәа, ауаатәыҩсатә хаҿқәа рԥараҵәахырҭақәа рыбжьара аԥаратә хәыԥсақәа риагара, овердрафтлеи акредиттә цәаҳәақәеи афинанстә кредитқәа рыхәдықәҵарала. Аԥаратә ҵәахрақәа рзы апродуктқәа рырҿиареи насгьы апластикатә картақәа апопулиаризациа рзуреи хымԥадатәуп, аклиентцәа аидентификациа рзура аметод ҿыцқәа алагалауа.
  • аклиентцәа рҟны аамҭарацәалатәи еизааигәоуи аимадарақәа раԥҵара. Ари ауснагӡатә аӡбаразы аклиентцәа разыҳәара аилкаареи аклиенттә сигментцыԥхьаӡа азнеишьа аԥшаареи акырӡа аҵанакуеит. Абанк апродукттә пакет еиқәнаршәоит, еиҳа улахь иааиуа, ахатә продукт аасҭа. Арҭ реиԥш иҟоу апакетқәа реиқәыршәаразы абанк ахатәы лшарақәа рҳәаақәа арҭбаауеит аклиентцәа ирызку аинформациақәа реизгареи, реиқәырхареи анализ рзуреи рыла.