Cibit-Bank > Апресс-маҵзура > Алоготип ахархәара аҧҟарақәа

Алоготип ахархәара аҧҟарақәа

Аԥҟарақәа ирыхҳәааны ажәақәак
Афирматә стиль шьаҭас иазышьҭоуп иакымкәа ихадароу аелементқәа: алоготип, аԥшшәы, ашрифт. Урҭ аиҿкааратә уснагӡатәқәа рҿы ихадараӡоу аҵакы рымоуп. Арҭ аԥҟарақәа — астиль ахархәаразы ԥҟарак иаҩызоуп

Алоготип аелементқәа реишьҭагылашьа авариантқәа ҩба ыҟоуп:

Ихадоу аверсиа

Ихарҭәаау аверсиа

 

Алоготип ихадоу аверсиа еиҳа лассы хархәара азухоит. Урҭ абланкқәеи авизиткақәеи, ажурналқәеи апрезентациақәеи, акнаҳарҭақәеи абилбордқәеи рҿы ибзиаӡаны иааԥшуеит.

Асахьа еиқәыршәоуп х-дыргак рыла еидкылоуи иҭаҩуи иаабац агьежь аформа ала. Арҭ аелементқәа абӷьыцқәа иреиԥшыншьалоуп дара-дара еиҿагылоуп 120 градус рыла.

Арымарахьтәи аган ала адыргаҿы ҩ-елементк ыҟоуп литера «К» (анбан) – «аинициал» акомпаниа «КИБИТ-БАНК» (алагарҭатә нбан) символра азыруеит.

Аелементқәа рыбжьара иныжьу аҭыԥ акурсори адинамикатә хыци символра азнауеит – аҽазкреи, аҿиареи абанк аизҳареи рсахьа.

Арҭ ах-формак (аелементқәа) ԥшшәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра символра азыруеит – ихадоу х-ҷыдарак – ашьхақәеи, аԥсабареи амшыни. Арҭ аелементқәа — Ажәҩангәыԥштәы (Иҵааршәу ажәҩан), Ацәқәырԥаԥшшәи Илакьым-жәҩанмшынԥштәи.

Алоготип Абанк ахьӡ иадкыланы ахархәараҿы иприоритеттәу акәны иҟоуп. Алоготип апропорциақәа рыԥсахра, уи аелементқәа рыбжьаратә ҭыԥ аԥсахра залыршахом.

Ашрифт

Аиқәыршәара хықәкыс иганы ахқәа рзеиԥш, атекст зегьы акьыԥхьразгьы PT Sans ашрифт ахархәара азура адгалоуп.

PT Sans агарнитура иуниверсалтәу ахархәаратә шрифтқәа иреиуоуп иаарту ахархәагатә лицензиа змоу. Ашрифт акьыԥхьратә ҭыжьымҭақәа рзы адагьы, аинформациатә аҳатә цхыраара адгаларазгьы, насгьы иофициалтәуи аусуратә ҩрақәеи аҵарадырреи анаукеи хархәара рызуп, убри анаҩсгьы амилаҭтә шәыҟәҩыреи акультурабжьаратә еимадареи рзы акырӡа аҵанакуеит. Ашрифт истандарттәу аилазаарала ишьақәыргылоуп Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи Европа абызшәақәа аус рыдулара алыршаразы, кириллица иақәнагоу адыргақәа зегьы амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә титултә бызшәақәа рҳәынҭқарратә алфавитқәа рдыргақәа зегьы еиднакылоит.

Афирматә палитра

Афирматә палитра «КИБИТ-БАНК» шьақәгылоуп 7 ԥшшәык рыла. Урҭ рахьтә 4 ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, 3 — ихарҭәааратәуп. Ииашоу аԥшшәқәа роригиналқәа есымша анапы аҵаҟа иҟоуп, избанзар урҭ аагоуп афирматә стиль аелементқәа рҟынтә.