Все вопросы


Слагала иарбан валиутала ирхынҳәызарц злауа?

Авалиута ырхынҳәызар ҟалоит алагала злаҟаҵаза валиута ала


Слагалала агәылҩаа соурц шԥасылшо?

Агәылҩаа аиуразы Абанк Агәаҭара-операциатә ҟәша аспециалсит шәидҵааларц шәылшоит.


Сара аимадаратә дыррақәа сыԥсахит. Ишԥаҟасҵари?

Шәперсоналтә дыррақаә шәыԥсахзар (ахьӡ, ажәла, абхьыӡ, атәылауаҩшәҟәы адыррақәа) хымԥада абанк адырра азынашәышьҭроуп, ацхыраара аншәыдыргало ауадаҩрақәа цәырымҵырц азы. Уи азы хымԥада абанк хаҭала шәаҭаароуп.


Аиагара аргьежьра залыршахома?

Ааи, анашьҭҩы игәазыҳәара зеиԥшроу иашьашәаланы.


(Русский) Возможно ли сделать возврат перевода?

Извините, этот техт доступен только в “Русский”, “English” и “Turkish”.


Изахьӡузеи алагала (адепозит)?

Алагала — аԥаратә аиагара ауп, афинанстә усбарҭа ауаҩытәыҩсатә хаҿи азинхаҿи рыла иадгалахо, уи ишхарҭәаау апроцентқәа ацҵани ма ацҵа амани ма урҭ рыда раԥхьатәи азыҳәара аҭагылазаашьа инақәыршәаны инашьҭхо, аҿҳәара иаҿхмырпакәа, иадызгало иқәыршаҳаҭны, ашәара мҩаԥызго, ауаҩԥсы, ахәԥса здызкыло.


ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» алагалақәа ԥгаԥсоума?

Абанк алагалақәа алагалаҩ иԥаратә хәыԥсақәа рыҵәахрази реизырҳарази игәрагоуп формалагьы иманшәалоуп. ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» Алагалаҩцәа иаҿарҵаз аԥаратә хәыԥсақәа рыҵәахра ԥырхага маиукәа ишыҟало агәра дзырго астатуси аусуратә ахьӡ-аԥшеи бзиа амоуп. ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» алагалақәа ихымԥадатә рыԥгаԥсаҟаҵара асистема лахәылас иҟоуп. Алагалқәа ԥгаԥсоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара № 2860-c-IV «Аԥсны Аҳәынҭқарра абанкқәа рҿы ауаатәыҩсатә хаҿқәа рлагалақәа рыԥгаԥсаҟаҵара иазку» 10.03.2011ш. аҟнытә инақәыршәаны.


Абанктә карта аԥараҭаҵара шԥазалыршахо?

ЗҲӘА АБ «КИБИТ-БАНК» абанктә карта аԥара шәызҭаҵоит:

  • Абанк аофис аҟны акассала
  • Хазхаҭалатәи аиагарала


Атерминал ала ҽнак иалагӡаны шаҟантә аԥарахшәаара сзымҩаԥгозеи?

Уи азы шәылшарақәа ԥкӡам. Аԥкра ҟалар алшоит аҿаҵаҩы иҟынтә.


Аԥарахшәаара анымҩаԥыжәго атерминал афунуциақәа мҩаԥнамгозар. Иҟаҵатәузеи?

Ацхырааразы ПОС-терминақәа шрыдҵааларц шәылшоит +7(940) 999-92-20